10/03/2024
Алеко Гәарамиа Шоҭа Арсҭаа 95 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа раҧхьатәи ахада, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, еицырдыруа абызшәадырҩы, академик, апрофессор Шоҭа Ҟасҭеи-иҧа Арсҭаа 95 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Ҳаҭыр ду зқәу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа!
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, Аҵарауаа рхеилаки, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала, хаҭала саргьы гәык-ԥсыкала иудысныҳәалоит 95 шықәса ухыҵра!
Аԥсуаа еснагь ражәа иалоуп «аиҳабы дызмам нцәагьы димам» ҳәа. Шаҟа иԥшӡаны, шаҟагьы иақәшәаны ирҳәазеи раԥхьаӡа ари ажәаԥҟа зхы иазырхәаз ҳабацәа! Ҵабыргны, зҭоурых ажәытәӡа иаларсу аԥсуа жәлар аамҭа аӡеибафара иалҵны иахьанӡа изааиуамызт абасеиԥш аиҳабацәа, ахатәрақәа рылымиаауазҭгьы. Убри аҟынтә ари ахшыҩҵак иахьа Уара иудкыланы иаҳҳәар азин ҳамоуп.
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҭҵаарадырра апатриарх, атәыла анҭыҵгьы бзиа еицырдыруа аҭҵааҩы, абызшәадырҩы, арҵаҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ашьақәгылареи аҿиареи рус аҿы злагала шьардоу, уи раԥхьатәи ахада – Уара, уиит итрадициатәу аԥсуа қыҭа Оҭҳара, анхаҩ нага, жәлар рашәаҳәаҩ, ажәабжьҳәаҩ Арсҭаа Сабаҟеи иԥа Ҟасҭеи иҭаацәараҿы. Абраҟа ауп аԥсуа бызшәа агәыбылра ахьышьҭукааз, урҿиаратә мҩа ахы ахьыҵнахыз. Убасҟан узнылаз амҩахәасҭа уаахымҟьаӡакәа, ухықәкы уамеижьа аԥсҭазаара ду ахь ашьаҿа ҟауҵеит.
70 шықәса инарзынаԥшуа аԥсуа ҭҵаарадырра уазааԥсоит. Ахәшьара аҭара уадаҩуп аԥсуа бызшәа аҵараҿы Уара улагала. Авторс урымоуп хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә усумҭақәа – амонографиақәа, арҵага шәҟәқәа, арҵага цхыраагӡақәа, астатиақәа. Урҭ рахьтә хәы змаӡам ҭҵаамҭақәоуп: «Арлахәыра аԥсуа бызшәаҿы», «Аԥсуа бызшәа аграмматика. Афонетика. Аморфологиа», «Аԥсуа бызшәа асинтаксис», «Аԥсуа литературатә бызшәа аграмматика», «Имариоу аҳәоу апроблема аԥсуа бызшәаҿы» уҳәа убас егьырҭгьы.
1958 шықәса инаркны аус ууан ҳара ҳҵараиурҭаҿы, раԥхьа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, анаҩс – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Напхгара ауҭон аԥсуа бызшәа акафедра, афилологиатә факультет уеиҳабын. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт уамадан. Ари аамҭа иалагӡаны абиԥарақәа жәпаҩы еиҵауааӡеит, рхыԥхьаӡара шьардоуп уоушьҭымҭацәа.
Уара унапхгарала, уабжьгарала имаҷҩымкәа аҭҵаарадыррахь рымҩа ылырххьеит, акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рыхьчахьеит. Урҭ зегьы иахьа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аус руеит.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атәыла иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу, Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, аџьа аветеран – ирацәоуп араҟа уганахьала еиқәуԥхьаӡаша. Аха урҭ зегьы ирхадароуп Уара уаԥсуара, ууаҩра, уламыс. Ужәлар ҳаҭыр ду уқәырҵоит.
Шоҭа ухаҵкы! Уиубилеи удныҳәалауа иузеӷьысшьоит агәызҩыдара, агәалаҟазаара бзиа. Шьардаамҭа Анцәа уҳагимырхааит! Аԥсны жәлар урыгымзааит! Даараӡа иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит уџьабаазы, уҿаԥхьа ҳхырхәоит.
Ҽаанбзиала угәырӷьо унеилааит!
Ҳаҭырла,
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә
университет аректор,
академик ГӘАРАМИА А. А.
10.03.2024 ш.